Аԥсны

Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига ачемпионат аатит Аҟәа

Ачемпионат иалахәуп 13 команда - Дәрыԥшь, Аӡҩыбжьа, "Кьараз", Пицунда, Лыхны, Џьгьарда, Кәтол, Џьырхәа, Баслаҭа, Уарча, Ешыра, "Аԥсны-2", Бзыԥ, Ҷлоу.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 1 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа имҩаԥысит Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига ачемпионат актәи амш.
Аҳҭнықалақь астадион "Динамо" аҿы имҩаԥысит ҩ-хәмаррак: "Аӡҩыбжьа" - "Ҷлоу", "Лыхны" - "Аԥсны-2". Даҽа хәмаррак - "Џьгьарда" - "Ешыра" мҩаԥысит астадион "Учхоз" аҿы.
Ахәмаррақәа рылҵшәақәа рыла, "Ешыра" "Џьгьарда" иаиааит 2:5 ҳәа, аӡҩыбжьаа ҷлоуаа ирыҵахеит 1:4 ҳәа, "Лыхны" - "Аԥсны-2" рыхәмарра еиҭахарала ихыркәшахеит 2:2 ҳәа.
Аԥсны Амилаҭтә шьапылампылтә лига - ақыҭа командақәа рыла ишьақәгылоу ачемпионат ауп. Уи иалахәуп 13 команда Аԥсны ахы-аҵыхәаҟынтәи, акоманда қәыԥш, 14-17 шықәса зхыҵуа Аԥсны ачемпионат иалахәыз арԥарцәа злоу "Аԥсны-2"-гьы рылаҵаны.
Ачемпионат хә-турк рыла ишьақәгылоуп, амза нҵәаанӡа имҩаԥыслоит. Актәи атур уаҵәы ихыркәшахоит - астадион "Учхоз" аҿы асааҭ 12:00 рзы ихәмаруеит "Кәтол" - "Уарча", асааҭ 14:00 рзы - "Џьырхәа" - "Баслаҭа", асааҭ 16:00 рзы - "Пицунда" - "Бзыԥ".
Ачемпионат аҿы иаиааиуа акоманда иааиуа асезон азы аиԥылара мҩаԥнагоит 2023 шықәсазтәи асезон аан аҵыхәтәантәи аҭыԥ згаз акомандеи иареи, урҭ рахьтә иаиааиуа иреиҳау алигахь анеира алшоит.
Аԥсны
Аԥсны ашьапылампыл азы Ахраҿа хада: "Риҵеи" "Нарҭи" рыхәмарра