Аԥсны

Аҟәа имҩаԥысит атаитә бокс азы ақалақь ачемпионати аԥхьахәгареи

Алԥшаарақәа ирылахәын аспортсменцәа ҿарацәа 120-ҩык Аҟәа, Гагра араион, Гәдоуҭа араион, Гал рҟынтәи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Аҟәа имҩаԥысит атаитә бокс азы ақалақь ачемпионати аԥхьахәгареи ҳәа аанацҳауеит Аҿари аспорти рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы.
120-ҩык инареиҳаны абоксиорцәа Аҟәа, Цандрыԥшь, Дәрыԥшь, Гал рҟынтәи аицлабрақәа рҿы рхы ԥыршәон.
Алҵшәақәа рыла, аҳҭнықалақь аспортсменцәа актәи азеиԥшкомандатә ҭыԥ ааныркылеит, аҩбатәи аҭыԥ агеит Цандрыԥшь акоманда, ахԥатәи - Гәдоуҭа араион абоксиорцәа.
Аицлабрақәа рылҵшәақәа рыла аиааира згаз Аԥсны еизгоу акоманда иалалоит.
Аԥсны
Саир Каҷараа ақәыԥшцәа рыбжьара абокс азы Москва ачемпионат даиааит