АҞӘА, мшаԥы 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Агәамеизгага машьынақәа ԥшьба аархәеит Гагра араион аҿы, абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Иҷыдоу автонхамҩа" аиҳабы Ҭемыр Бигәаа.
Иара иазгәеиҭеит атехника аахәара аҭыԥантәи абиуџьет аҟынтәи ишазоурыжьыз 26 миллион мааҭ. Акы Гагра ақалақь иазынрыжьуеит, даҽа акака машьына рырҭоит Цандрыԥшь аҳабла, ақыҭақәа Алаҳаӡи Лӡааи.
"Уажәшьҭа зынӡа 15 машьына ҳамоуп, арҭ аҿыцқәа ԥшьба налаҵаны. Иахьазы ари ахыԥхьаӡара азхоит, аха ақалақь ирласны иҿиоит азы автопарк есҩышықәса ирҿыцтәуп. Аҿыц ргыларақәа цәырҵуеит, аобиект дуқәа аадыртуеит, убри инамаданы ҳусурагьы иацлоит", - иҳәеит Бигәаа.
Аҵыхәтәантәи хышықәса рыла "Иҷыдоу автонхамҩа" аҟны иҟаз амашьынақәа иҳамаз фба рҟынтәи жәохә рҟынӡа инаӡеит иҳәеит иара.
Бигәаа иажәақәа рыла, Гагра ақалақь аҟны аӡынраан аус руеит 6-7 гәамеизгага машьына, урҭ мызкы ахы-аҵыхәа 6000 куб агәамсам Алаҳаӡы иҟоу агәамсамеизакырҭахь инаргоит. Акурорттә аамҭазы уи ахыԥхьаӡара хәынтә-фынтә еизҳауеит.