Аԥсны

Саир Каҷараа ақәыԥшцәа рыбжьара абокс азы Москва ачемпионат даиааит

17-18 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара абокс азы аицлабра мҩаԥысуан москватәи абаҩрҵәра-спорттә еидгыла "Измаилово" аҿы хәажәкыра 27 - мшаԥы 1 рзы.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Саир Каҷараа 17-18 шықәса зхыҵуа ақәыԥшцәа рыбжьара абокс азы Москва ачемпионат даиааит ҳәа аанацҳауеит асоциалтә ҳақәа рҿы Гәдоуҭа ақалақь ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ.
Аԥснытәи аспортсмен ԥшь-еиԥыларак мҩаԥигеит, рыԥшьба рҿы даиааит. Иара дықәгылон зыкапа 63,5 кьыла иҟаз рыбжьара.
Саир Каҷараа - Гәдоуҭа ақалақь ахәыҷы-қәыԥштә спорттә школ дааӡамҭоуп. Уажәы иара аҵара иҵоит, иҽагьазыҟаиҵоит Москватәи аолимпиатә резерв аучилишье № 1 аҿы.