Урыстәыла

Шәачеи Ҭырқәтәылеи апаром рыбжьарҵоит лаҵарамзазы

Шәачантә Трабзонҟа аидара-пассаџьыртә паром ныҟәаӡом 2014 шықәса раахыс. Уи зыхҟьаз Аолимпиатә хәмаррақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи раан ашәарҭадара аиҿкаара акәын.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Шәачеи Ҭырқәтәылеи апаром рыбжьарҵоит лаҵарамза 1 азы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Трабзон апровинциа Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахада Еркут Челеби иажәақәа шьаҭас иганы.

"Ҳара мшаԥы 6 рзы аиқәшаҳаҭра ҳнапы еицаҵаҳҩырц ҳгәы иҭоуп апаромтә еимадара ҳабжьаҵаразы. Шәача-Трабзон ацәаҳәаҿы ибжьаҵахо апаром 300-ҩык акуеит. Иара убас уи имҩаннагар алшоит автомашьынақәа 200, автобусқәа фба, аконтеинерқәа 12. Ареисқәа лаҵарамза 1 азы иалагоит, уинахыс Урыстәылаҟа агәашәқәа аартхоит", - ҳәа Челеби иажәақәа аанагоит Yeni Akit.

Ари амаршрут ала апаромқәа шаҟа ҟало атәы имҳәеит Челеби.
Шәачеи Трабзони апаромқәа рыбжьалеит 1992 шықәса рзы. 2014 шықәса инаркны Аолимпиатә хәмаррақәа ирхырҟьаны урҭ аанкылан иҟан иахьа уажәраанӡа.