Аԥсны

Гәдоуҭа даанкылоуп алифт аҭышәныртәалага зӷьычыз

Гәдоуҭа ақалақь Гәлиа имҩаду аҟны игылоу аҩнеихагыладу алифт афымцамч аҭышәныртәалага рӷьычит хәажәкыра 27-28 ауха.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҟәа инхо ауаҩы Гәдоуҭа алифт аҭышәныртәалага аӷьычразы даанкылоуп, абри атәы иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадара реилацәажәараҟны араион ААР аиҳабы Зосма Гыцба.

"1994 шықәса рзы ииз Цкәуа зыжәлоу Аԥсны атәылауаҩ гәдоуҭатәи амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит, Гәлиа имҩаҟны игылоу жә-еихагылак иҟоу аҩны аҟны алифт аҭышәныртәалага иӷьычит ҳәа гәҩарас дҟаҵаны. Аамҭалатәи аҭакырҭаҿы дыҟоуп. Ашьаус хацыркуп", - иҳәеит Гыцба.

Гыцба иажәақәа рыла, аӷьычра ҟалеит хәажәкыра 26-27 руыха. Иӷьычыз амаруга азинхьчаратә усбарҭа ахыбра иацәыхарамкәа ирԥшааит.