Урыстәыла

Путин аҳәынҭқарратә фонд "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа" аԥҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит

Урыстәыла ахада арегионқәа рхадацәа ирыдиҵеит аиҿкаара аусура адгылара арҭарц.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәынҭқарратә фонд "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа" аԥҵаразы аусԥҟа инапы аҵеиҩит, адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа апортал аҿы.

"Арратә операциа ҷыда алахәылацәа, урҭ рҭаацәарақәа рлахәылацәа аԥсҭазаара бзиа иақәшәо аҭагылазаашьақәа рзаԥҵаразы иахәҭаны исыԥхьаӡоит аоперациа ҷыда алахәылацәа ацхыраара рыҭаразы аҳәынҭқарратә фонда "Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа" аԥҵазарц",- аҳәоит адокумент.

Иара убасгьы иазгәаҭоуп, Афонд ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩыс дшаҭоу Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, афонд ахантәаҩыс - А. Е. Цивилева.