Урыстәыла

Санкт-Петербург ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара 32 рҟынӡа инаӡеит

Еицырдыруа аблогер, арратә корреспондент Владлен Татарски дҭахеит Санкт-Петербург акаҳуажәырҭаҿы иҟалаз аԥжәараан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 3 - Sputnik. Санкт-Петербург ахәрақәа зауз рхыԥхьаӡара 32 рҟынӡа инаӡеит, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра.
"Аҵыхәтәантәи аоперативтә дыррақәа рыла Санкт-Петербург акаҳуажәырҭаҿы ахәрақәа зауыз рхыԥхьаӡара 32 рҟынӡа инаӡеит, жәаҩык рҭагылазаашьа хьанҭоуп. Урҭ дреиуоуп 14 шықәса зхыҵуа аӡӷаб. Хәҩык рҭагылазаашьа цәгьам", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Урыстәыла
Арратә корреспондент Владлен Татарски дҭахеит Санкт-Петербург акаҳуажәырҭа ахьԥжәаз
Амҽышаҽны еицырдыруа аблогер, арратә корреспондент Владлен Татарски (ихьӡҵәҟьа - Максим Фомин) дҭахеит Санкт-Петербург акаҳуажәырҭаҿы иҟалаз аԥжәараан. РИА Новости ахыҵхырҭа иазгәанаҭеит аԥжәага Татарски ҳамҭас ирҭаз аҳаҭәараҷ ишҭаҵәахыз.
Ашьаус хацыркуп. Ауснагӡатә аиҿкааҩ "Кибер Фронт Z" ашәарҭадаратә ҽазышәарақәа мҩаԥган, аха урҭ азымхеит ҳәа адырра ҟанаҵеит.