Урыстәыла

Арратә корреспондент Владлен Татарски дҭахеит Санкт-Петербург акаҳуажәырҭа ахьԥжәаз

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота скорой помощи в Тамбове
Работа скорой помощи в Тамбове - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.04.2023
Анапаҵаҩра
Азинхьчаҩцәа ишаарыцҳауа ала, абомба амчхара атротил аеквивалент ала 200 грамм инаӡоит.
АҞӘА, мшаԥы 2 - Sputnik. Еицырдыруа аблогер, арратә корреспондент Владлен Татарски (ихьӡҵәҟьа - Максим Фомин) дҭахеит Санкт-Петербург акаҳуажәырҭаҿы иҟалаз аԥжәараан, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости "МВД Медиа" асаит адыррақәа шьаҭас иганы.
Иазгәаҭоуп, аԥжәага Татарски ҳамҭас ирҭаз аҳаҭәараҷ ишҭаҵәахыз. Уи изҭаз аԥҳәыс иара дидыруан, еиҿикаауаз аусмҩаԥгатәқәа раан изныкымкәа ашәқәа еимырдахьан.
Аԥжәараан 25-ҩык аахақәа роуит, урҭ рахьтә 19-ҩык ахәышәтәырҭа иҭашәеит.
Адырра ыҟоуп, акаҳуажәырҭа "Патриот" аҿы ессабшеи амҽышеи аиҿкаара "Кибер Фронт Z" аиҽцәажәаратә хәылԥазқәа шеиҿыркаауаз. Мшаԥы 2 рзы имҩаԥысуан "Есть такая профессия - военкор" захьӡыз ахәылԥаз, уи мҩаԥигон Владлен Татарски, аҩналара хәыда-ԥсадан.
Ажәабжьқәа зегьы
0