АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган арадио Sputnik аинтервиу аҭо еиҭалҳәеит Аԥсни Башкортосҭани русеицура ахырхарҭа хадақәа.
Лара илҳәеит аделегациа ара рыҟазаараан аус здыруылаз шырацәоу.
"Идыруп Аԥсни Урыстәыла арегионқәеи рыбжьара адәныҟаекономикатә еимадарақәа рыҿиара аҵак ду шрымоу, избанзар регион цыԥхьаӡа рхатә ҷыда ҟазшьақәа рымоуп. Абри аан азхьаԥшра рыҭатәуп аԥыжәаратә хырхарҭақәа", - ҳәа лҳәеит аминистр.
Озган иазгәалҭеит ареспубликахь аинвестициақәа радԥхьалара аус шадыруыло арегионқәа рылшарақәа азгәаҭаны, апроектқәа аус шыруыҵәҟьо шьақәыргыланы.
"Башкириа ВВП 36% ааглыхроуп, ҳәарада ҳаргьы аинвистициақәа рхырхарҭа ҷыдақәак рынагӡара ҳҭахуп. Аԥсназы ари акраҵанакуеит. Башкириа аекспорттә лшара ду амоуп – ахимиатә ааглыхра, амашьынаргылара, афымцамчхархәагақәа, афатә-ажәтә, абатә, аӡахратә, амҿауысадуларатә наплакқәа хыԥхьаӡара рацәала рыҟазаарала", - ҳәа лҳәеит Озган.
Лара иазгәалҭеит, Урыстәыла аганахь ала аекономикатә санкциақәа рыҟазаараан ароль ҷыда шаннакыло атранзиттә лшара иҳамоу – Урыстәылаҟа аимпорттә тауарқәа риагараз еиԥш ахԥатәи атәылақәа рахь аекспорт азгьы ахәаахәҭратә коридорқәа реиҿкаара ҳәа лҳәоит аминистр.
"Ҳколлегацәа аинтерес рымоуп Аԥсны арыжәтә аалыҵ, ацитрус шәырқәа, араса. Абарҭ ахырхарҭақәа ирызҳархоит ҳамчқәа. Иара убасгьы аҵак ду аманы иҟоуп атуризм аусхк. Ҳара ҳусеицуразы ҩ-хырхарҭак алаҳкааит: актәи, башкириатәи ҳколлегацәа зинтерес рымоу атуристтә ргыларақәа раԥҵара, аҩбатәи - иарбан аамҭазаалакгьы атуристтә маҵзурақәа рыҟаҵара", - ҳәа лҳәеит Озган.
Аминистр лажәақәа рыла аганқәа алацәажәеит Аԥсны аҵакыраҿы атехнопарк аԥҵара – ахархәагақәеи атехникеи раахәаразы афинанстә қьыра амеханизм ахархәара алзыршаша.
"Ҳекономиказы хра амоуп, иалнаршоит ҳбизнес азы ихымԥадатәиу ааглыхратә хархәагақәеи атехникеи риура", - ҳәа лҳәеит лара.
Ради Хабиров зхадараҿы дыҟаз Башкортосҭантәи аделегациа аофициалла Аԥсны иаҭааит аԥшьаша, хәажәкыра 30 рзы. Аслан Бжьаниа Башкортосҭантәи аделегациа идикылеит аус ахьиуа икабинеҭ аҟны, уа аганқәа атауареикәыршареи атуризми русхкқәа рҟны русеицуразы азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Хәажәкыра 31 рзы Аԥсни Башкортосҭани жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәии еимадарақәа рынагӡаразы ахәҳаахәҭра-економикатә, аҭҵаарадырратә-техникатә, асоциалтә, атуристтә, акультуратә усхкқәа рҟны аусеицуразы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.