Аԥсны

Аинвестициақәа рзы аиқәшаҳаҭреи аенергетикеи ирылацәажәеит Бжьаниеи атәыла аиҳабыреи

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит Иусбарҭа анапхгареи Аиҳабыреи алархәны ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Ахада анапынҵа ҟаиҵеит аинфраструктуратә кредит аҳәаақәа ирҭагӡаны афымцаҭаҩгақәа раахәара ырццакызарц.
Хазы иалацәажәан АҲ "Аҽгәара" имҩаԥгаз аусурақәа. Иеилкаахеит аҵла дуқәа ирхырҟьаны ауадаҩрақәа шыҟоу.
Аԥсны
Бжьаниа АҲ "Аҽгәара" аҟны аусурақәа шцо гәеиҭеит
Бжьаниа анапынҵа ҟаиҵеит афымцацәаҳәа ахырхарҭа зегьы гәаҭаны, ԥырхагас иаиуа аԥыхзарц АШәМ аусзуҩцәа алархәны.
Иалацәажәан иара убасгьы "Апарт-отельқәеи апартаментқәеи рзинтә статус аҭышәныртәаларазы" азакәан апроект.

Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба иҳәеит адепутатцәа апроект ишахәаԥшхьоу, аха Апарламент ахь ишынашьҭым.

Аиԥылара алахәылацәа иара убасгьы ирылацәажәеит урыстәылатәи аилахәырақәа Аԥсны ринвистициатә усураз аиқәшаҳаҭреи В.Г. Арӡынба ихьӡ зху аҳаирбаӷәазаз аинвистициатә проект азы аиқәшаҳаҭреи.