АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭатәи амилициа аиҳабы Зосма Гыцба аҳәамҭа ҟаиҵеит ААИ аҟәша аусуҩцәа шазымхо, 40%, шракәу аус зуа.
"Сара иахьынӡаздыруа ала, Аҳәынҭавтоинспекциа аганахь ала араионқәеи аҳҭнықалақьи рҿгьы ауадаҩрақәа ыҟоуп. Иҟалап ари аулафахәқәа ирыхҟьозар. Аусзуҩцәа разымхара иахҟьаны ҩ-гәыԥкны иаҳшеит, мышкыбжьых мышкы аусура иҭыҵларатә", - ҳәа иҳәеит иара.
Гыцба иазгәеиҭеит Гәдоуҭа араион ААР Аҳәынҭавтинспекциа аҿы аус зуа 20-ҩык шыҟоу. Ҳаԥхьаҟа аԥхынтәи асезон шааиуа, уи аамҭазы аусура еиҳа ишыуадаҩхо.
Амилициа аиҳабы иазгәеиҭеит лаҵарамзазы хәҩык аусзуҩцәа аҷаԥшьаразы Риҵатәи амилаҭтә парк ахь ишышьҭтәхо, убри аан ақалақьтә паркқәа рҿгьы азинеиҿкаараз ауаа шаҭаххо.
"Араҟагьы ауадаҩрақәа ҟалар алшоит. Риҵаҟа иҳашьҭуа макьаназ иалҳамхыцт. Ақалақь аҿы аус зуа аӡәы иоуп, уигьы уахь ишьҭра ҳақәшәар ҟалоит. Ус анакәха ақалақь аҩнуҵҟа ААИ аинспекторцәа рыда ҳанхар алшоит", - иҳәеит Гыцба.
Гәдоуҭатәи араионтә еизара ахантәаҩы Валери Малиа амилициа ашкол иҭоу акурсантцәа ырхынҳәтәуп ҳәа иҳәеит. Иара иажәақәа рыла, амилициа ашкол акурсантцәа риеҳараҩык ма Аҟәа аусураз иаангылеит, ма Гаграҟа ишьҭуп.