Аԥсны

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ агәраргагатә шәҟәқәа рыҭарахь Кремльҟа днаԥхьоуп

Алхас Кәыҵниа 2022 шықәса абҵарамзазы Урыстәыла Аԥсны азинмчра нагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу цҳаражәҳәаҩыс дҟаҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны азинмчра нагӡеи аҷыдалкаатә напынҵақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара ауснагӡатәахь Кремльҟа днаԥхьоуп, мшаԥы 5 рзы, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Мшаԥы 5, асааҭ 15:00 рзы агәраргагатә шәҟәқәа рыҭара аусмбаԥгатәахь снаԥхьоуп. Аҳәынҭқарразы, ацҳаражәҳәарҭазы, хаҭала сара сзы ари акрызҵазкуа хҭысуп. Ари амш ҳазыԥшын, ҳҽазыҟаҳҵон", - иҳәеит Кәыҵниа.

Алхас Кәыҵниа Аԥсны ахада Иусбарҭа анапхгаҩыс дыҟан 2020 шықәса мшаԥы 24 инаркны 2022 шықәса нанҳәа 12 рҟынӡа. Ари аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Џьансыхә Нанба.
Уаанӡа ареспублика адипломатиатә усбарҭа дахагылан Игор Ахба. Ԥхынҷкәын 16 рзы иара евразиатәи аинтеграциаз Аԥсны ААР ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵан.