Аԥсны

Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит мшаԥы 5 рзы

Афымцеихшарҭа "Аҟәа-220" аҿы аусурақәа ирхырҟьаны ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭеи агәҭеи лашарада иҟазаауеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны ахәҭак лашарада иаанхоит мшаԥы 5 рзы, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәыфымцамч" апресс-маҵзура.
Асааҭ 15:00 инаркны 16:00-нӡа ареспублика мраҭашәаратәи ахәҭеи агәҭеи лашарада иҟазаауеит.
Алашара дырцәоит афымцеихшарҭа "Аҟәа-220" аҿы аусурақәа ахьымҩаԥырго иахҟьаны.