Аԥсны

Аԥсны акультура амшқәа ирылагеит Аахыҵ Уаԥстәыла

Ауснагӡатә алахәхаразы Аԥснынтәи Цхинвалҟа инеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәеи Аҳәынҭқарратә ансамбль акәашаҩцәеи злахәу аделегациа.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. Аԥсны акультура амшқәа ирылагеит Аахыҵ Уаԥстәыла, Цхинвал ҳәа аанацҳауеит Sputnik Южная Осетия.
Ауснагӡатә алахәхаразы Аԥснынтәи Цхинвалҟа инеит Акультура аминистр Даур Ақаҩба зхадараҿы дыҟоу, Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр актиорцәеи Аҳәынҭқарратә ансамбль акәашаҩцәеи злахәу аделегациа.

Аԥсны акультура амшқәа аартхоит асааҭ 15:00 рзы Коста Хетагуров ихьӡ зху Адраматә театр аҿы аспектакль "Аибашьра ахԥатәи амш" ала, асааҭ 18:00 азы имҩаԥгахоит Аҳәынҭқарратә ансамбль аконцерт.

Аԥсны акультура амшқәа хыркәшахоит мшаԥы 6 рзы.