Урыстәыла

CNN: Трамп дырбаандаҩуп, ахарадҵара дазԥшуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 5 - Sputnik. ЕАА уаанӡатәи ахада Дональд Трамп дырбаандаҩуп, Ниу-Иорктәи аӡбарҭаҿы ахарадҵаҟаҵара дазԥшуп ҳәа аанацҳауеит ателеканал CNN.

"Дональд Трамп дырбаандаҩуп, ахарадҵара дазыԥшуп", - ҳәа аҳәоит ишиашоу ицо аефир аан аекран аҿы ианыз анҵамҭа.

Ателеканал ахыҵхырҭа адыррақәа рыла, Манхеттен апрокуратура иара ахара иднаҵоит 30 напхыцәгьаратә хҭыс рыла. Официалла Трамп аӡбарҭахь даннеилак ашьҭахь ауп ахарадҵара анрылаҳәахо, аха иҟоу адыррақәа рыла, уи ззырхоу зхымҩаԥгашьа ҽеим актриса Сторми Дениелс лоуп.
Трамп уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан, ишьҭазаара ҵаҵӷәыс аполитика шамоу, 2024 шықәсазы атәыла ахадас ихы ахьықәиргыло иԥырхагахарц азы.