Арадио

Џьопуа аҵарауаҩ Игор Ҵнариа изы: ибжьы хаан, иуаҩышьа бзиан, илаф ыҟан

Sputnik
85 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит аҵарауаҩ-археолог, аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Аԥсуаҭҵааратә институт археологиа аҟәша аиҳабы Игор Ҵнариа. Зыԥсҭазаара зегьы аҭҵаарадырра иазызкыз аҵарауаҩ илагала атәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит иколлега, археолог, Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи адиректор Аркади Џьопуа.
Аԥсуа археологиаҿы аҭҵаара ду мҩаԥызгоз иакәын Игор Иван-иԥа ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Аркади Џьопуа.
"Иҟаиҵо идыруа иҟаз уаҩын. Иҭиҵаахьаз ажәытә баҟақәа зегьы рахь ихьаԥшуеит Кавказ аҭҵаара иадҳәалоу аҵарауаа. Урҭ ирывсны цашьа рымаӡам. Жәашықәсала аус уны, аџьабаа дуӡӡа баны, уи иақәнаго ашәҟәқәа ҭыжьны, еиуеиԥшым аконференциақәа рҿы иӡырганы - уи, хымԥада, Игор иакәын. Агитара нарҳәаны, ашәа хааӡа иацҳәаны, угәы ҟаҵаны, уааԥсара зегьы ааухыхны, иҵегь аус зундыз ҳәа уҳәо уҟаиҵон. Зегь злеиҵаз уаҩын", - иҳәеит Џьопуа аиҿцәажәараҿы.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.