АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа алахәын Урыстәыла аҳәаа иаԥԥну араионқәа рыҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа реилакқәа рхаҭарнакцәа русутә еилацәажәара. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба еизаз аԥсшәа раҳәо иазгәеиҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵак ду шанаҭо Урыстәылатәи Афедерациеи иареи аиҩызареи агәреибагареи шьаҭаны иззыҟоу рзинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа русеицура, уи иубарҭоу, хра змоу алҵшәа шаанарԥшуа.
Иазгәеиҭеит, Аԥсны ААР, Краснодартәи атәылаҿацә ААР АУ, Ҟарачы-Черқьессктәи ААР АУ рыбжьара ишышьақәыргылоу азакәанеилагаҩцәеи урҭ рҿагылареи рзы агәҽанызаараз аинформациа аимадара.
Аиԥылараҟны аганқәа алацәажәеит ҩ-ганктәи русеицура –закәаншьаҭада анаркотикқәеи аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи реикәыршара аганахь ала, ацәгьоуцәа рерахиаҿы акриминалтә статус змоу ахаҿқәа изакәандароу румҭақәа рҿагылара аганахь ала, аҿар рыбжьара аекстремизм аԥырҟәҟәаразы аицуснагӡатәқәа рымҩаԥгара аганахь ала.
Аделегациа ахадацәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәы рыбжьарҵеит, еицәажәеит аусбарҭақәа рыбжьара аинформациа аимадаразы.