АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәҳаахәҭратә хаҭарнак, ареспублика Жәларбжьаратәи ахәҳаахәҭра-культуратә центр ахылаԥшратә хеилак ахантәаҩы Олег Барцыц далахәын аконгресстәии ацәыргақәҵатәи аусуразы ИАР атәылақәа Рхеилак аилатәара. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Жәларбжьаратәи ахәҳаахәҭра-культуратә центр ахылаԥшратә хеилак анагӡаратә директор Олег Лакоба.
Аилацәажәараҟны Барцыц иазгәеиҭеит Аԥсны де-иуре ИАР ишалахәым, аха евразиатәи аҵакыра иалахәны ахы шабо.
“Ҳара Аԥсны инарҭбааны аӡыргаразы, аекономикатәии акультуратәии лшарақәа раларҵәаразы ҳамчқәа зегьы ҳхы иаҳархәалоит. Абри ахықәкы анагӡараҿы аҵакы амоуп ВДНХ иаарту акультура-цәыргақәҵатә ахәҳаахәҭратәи павильон", - иҳәеит иара.
Барцыц иазгәеиҭеит ареспублика амчрақәа ишырзыԥшу, мҽхакыҭбаалатәи аусурақәа Аԥсны ахьӡ-аԥша аларҵәаразы, аԥснытәи аалыҵ ИАР атәылақәа рзынашьҭразы, амилаҭтә культура аӡбахә арҭбааразы.
Аԥсны Жәларбжьаратәи акультура-усутә центр абри ахырхарҭала аусура мҩаԥыргоит москватәи аԥсуа диаспореи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресси рыцхыраарала.