Аԥсны

Амчыбжь аҩнуҵҟа 70 000 сигарет аҳәааҿы ирымхуп

2023 шықәса иалагазар иазгәаҭоуп 277 административтә зинеилагара, ирымхуп 537 000 цыра асигарет 2 миллион мааҭ рыхә.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Мшаԥы 1 - 7 рыҩнуҵҟа краснодартәи аҳазалхыҩцәа аурыс-аԥсуа ҳәаа аҟны азакәаншьаҭада аҭыҭынаалыҵ ахыгарақәа 16 азгәарҭеит.
Ихацыркуп 32 ус, ирымхуп 70 300 цыра асигарет.
Аҳазалхыҩцәа иааныркылеит амашьына Мерседес аконтрабанда зманы Аԥснынтәи амҩа иқәыз.
1,5 нызқь ҭоԥ асигарет (30760 цыра) акцизда амашьына иҭаҵәахын.
Аҭыҭын Еиду Арабтәи Аемиратқәа рҿы иҭыжьуп, иара аҭиразы ишыргоз изтәыз иҿы иқәшаҳаҭхеит. Атауар зтәу имхуп, аус хацыркуп.
Ари амчыбжь азы аҽа зинеилагаҩыкгьы иҽазишәеит 129 ҭоԥ асигарет аҳәаа ахыгара. Уи иганахь ала аус хацыркуп.