Аԥсны

Апрокуратура хада анаркоманиа иаҿагыло аусбарҭа аԥҵара ахшыҩҵак ахәшьара анаҭеит

Аԥсны апрокуратура хада хәажәкыра 30 рзы имҩаԥысуаз азинхьчаратә усбарҭақәа реилацәажәараҿы ажәадгала ҟанаҵеит анаркоманиа иаҿагыло аусбарҭа аԥҵазарц.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 – Sputnik. Апрокуратура хада аӡбарҭатә усбарҭа аиҳабы Даур Амҷба арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз иҳәеит ажәадгала шыҟаҵоу анаркоманиа иаҿагыло аусбарҭа аԥҵаразы.
"Асеиԥш ажәадгала ҟаҳҵеит анаркоманиа аҿагылара мҩаԥызго Аԥсны ААР аҟны иҟоу закәаншьаҭада анаркотикқәа реикәыршара аҿагылараз Аусбарҭа заҵәык ахьакәу. Ари аус мҩаԥыргалароуп аҳазалхратә усбарҭақәа, ашәарҭадаратә маҵзура, апрокуратура, аӡбарҭақәа", - иҳәеит иара.
Ажәадгала азырхоуп аусбарҭақәа, иаку акоординациатә центр аусура аҳәаақәа ирҭакны оперативла аинформациа еимырдо иҟаларц ҳәа иҳәеит Амҷба.
"Ари иалнаршоит ацәгьоурақәа раарԥшра, урҭ раԥырҟәҟәааразы аинформациа еиҳа иҟалоит. Ҳара иаанаҳкыло аларҵәаҩцәа роуп, аиҿкааҩцәа реиҳараҩык атәыла анҭыҵ рыҟазааразы раанкылара уадаҩуп", - ҳәа иҳәеит Апрокуратура хада аусзуҩ.
Даур Амҷба иара убасгьы иҳәеит, азинхьчаратә усбарҭақәа рҿы аус зуа ауаа анаркотикқәа рыдкыларазы агәаҭарақәа ирхыжьлатәуп ҳәа.
Раԥхьа иргыланы асеиԥш агәаҭарақәа ажәлар рҿы аусбарҭа аҳаҭыр шьҭыҵуеит. Есышықәса ма шықәсыбжак ахь знык амедицинатә гәаҭара мҩаԥгалатәуп, абри асистемаҟны анаркотикқәа здызкыло ыҟам ҳәа рҳәалартә аиԥш", - ҳәа иҳәеит иара.
Иара убасгьы иҳәеит, анаркотикқәеи аԥсихотроптә маҭәашьарқәеи здызкыло ауаа азинхьчаратә усбарҭақәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи рҿы аус руыр ҟалом ҳәа.