Урыстәыла ихацдыркит аҳәаанырцәтәи ашколхәыҷқәа рзы аицлабра "Аиҭакра ду"

Аицлабра - ахәыҷқәеи аҿари рзы Урыстәылатәи аиҿкаара "Аԥхьатәиқәа реиҿкаара" аԥыжәаратә проект ауп, аицеиҿкааҩны иҟоуп - "Аҳәынҭҿар", адгылара ҟанаҵоит Урыстәыла аҵара аминистрра.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 7 - Sputnik. Аицлабра "Аиҭакра ду" Урыстәыла ихацдыркит аҳәаанырцәтәи ашколхәыҷқәа рзы, аплатформаҿ аҭаҩра мҩаԥысуеит лаҵара 15 рҟынӡа.
Аицлабра ахада аплатформа "Урыстәыла – алшарақәа ртәыла" иаҵанакуеит. Жәларбжьаратәи атрек "Аиҭакра дуқәа" мҩаԥысуеит Россотрудничество адгыларала.

Асезон ҿыц иалахәуп аурыс бызшәа бзианы издыруа, ҩ-тәылауаҩрак змоу аҳәаанырцәтәи астудентцәеи иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла анҭыҵ аҵара зҵо урыстәылааи.

Аицлабра 12 тематикатә хырхарҭала имҩаԥысуеит:
аҭҵаарадыррақәеи атехнологиақәеи ("Иаԥҵа уаҵәтәи амш!"),
аҟазареи арҿиареи ("Ирҿиала!"),
ажурналистикеи амедиа ҿыцқәеи ("Ихадароу атәы еиҭаҳә!"),
ахатәгәаԥхара ("Аус бзиақәа рҿиала!"),
аҭоурыхтә гәалашәара ("Иухоумыршҭын!"),
аԥсҭазаара зҩыда ("Угәы бзиаз!"),
аекологиа ("Ихьчала аԥсабара!"),
аурбанистика ("Иаауыкәыршаны иҟоу адунеи ԥсах!"),
аныҟәарақәеи атуризми ("Иҭҵаала Урыстәыла!"),
аҵаратә технологиақәа ҵала ("Аҿыцрақәа аарты!"),
аҿартә наплакра ("Анаплакра мҩаԥгала!"),
аҳәынҭқарратә тәылахьчареи ашәарҭадареи ("Аԥсадгьыл амаҵ азула!").
Ахәшьара рыҭахоит ахәыҷқәа рылшарақәа: акомандаҿ аус рыцура, зымҽхак ҭбаау аинформациа ахархәара, аҭагылазаашьа уадаҩқәа раан истандарттәым аӡбрақәа рыԥшаара, арҿиарала ахәыцра.
Афинал мҩаԥгахоит Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы цертр "Артек" аҿы. Афинал аихшьаалақәа рыла аиааира згаз абиуџьет шьаҭала урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аҵараҵара рылшоит, иара убасгьы иалахәхоит апрограмма "Аныҟәарақәа раасҭа еиҳау".
Урыстәылазегьтәи аицлабра "Аиҭакра дуқәа" мҩаԥысуеит 2020 шықәса раахыс.