Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

370-ҩык украинатәи асолдаҭцәа ҭархоуп донецктәи ахырхарҭаҿы

Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә архәҭақәеи, артиллериеи иҭадырхеит УАМ иртәу аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хԥеи аракета-артиллериатә бџьари.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. 370-ҩык украинатәи асолдаҭцәеи қьыралатәи аибашьцәеи ҭархоуп, ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика" ԥжәоуп донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
"Донецктәи ахырхарҭаҿы "Аладатәи" архәҭақәа ргәыԥ активла имҩаԥыргоз ажәыларақәеи авиациеи артиллериеи иҭдырҟьоз ахымцеи ирыбзоураны иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла иҭархан 370-ҩык украинатәи асолдаҭцәеи қьыралатәи аибашьцәеи, иԥжәан ашьаҟауаа ркәылӡтәы машьнақәа хԥа, аибашьыгатә кәылӡтәы машьынақәа фба, автомашьынақәа хԥа, иара убас ахаланыҟәа артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", - ҳәа аанацҳауеит аминистрра адырраҭара.
Купиансктәи краснолимантәи ахырхарҭақәа рҿы Киев иацәыӡит 110-ҩык рҟынӡа аруаа.
Краснолимантәи ахырхарҭаҿы авиациеи, артиллериеи, "Центр" архәтақәа иртәу ахымцабџьар ӷәӷәақәеи ирыбзоураны ааха рыҭоуп аӷа ихырӷәӷәарҭақәа аиланхарҭақәа Невское Лугансктәи жәлар рреспубликаҿы Иамполовкеи Донецктәи жәлар рреспубликаҿы.