Аԥсны

Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит

Аштабқәеи архәҭақәеи рҽазыҟаҵарақәа ирызку аусмҩаԥгатәқәа зегьы еиҿыркаауеит Аԥсни Урыстәылеи рырбџьармчқәа реицҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 8 - Sputnik. Аԥсны Арбџьармчқәа мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит.
Арратә напхгара аусбарҭақәеи архәҭақәеи аибашьра иахьынӡазхиоу гәарҭеит ахысрадәқәеи ирзымдыруа аҭыԥқәеи рҟны.
Аҽазыҟаҵарақәа хықәкы хадас ирымоуп аштабқәеи архәҭақәеи разхиазаареи ицәрҵуа анагӡатәқәа рыӡбараан ҳәоуеиқәшәала русеицуреи реиӷьтәра.
Ҷыдала азҿлымҳара арҭоит ҳаамҭазтәи амчқәеи ахархәагақәеи рыла аӷа инырҵәареи Арбџьармчқәа хкыс иҟоу зегьы русеицура аиҿкаареи.
Аҽазыҟаҵарақәа еиуеиԥшым рыхәҭақәа ирылахәхоит Аԥсны амчратә усбарҭақәа рымчқәеи рхархәагақәеи.