Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Шәҩык инареиҳаны урыстәылатәи асолдаҭцәа итҟәаз рхы иақәиҭыртәит

Зхы иақәиҭу аибашьцәа Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәу агоспиталь ахь инагоуп, дара ирыхәҭоу амедицинатә цхыраара рыҭахоит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 – Sputnik. Киевынтәи ирхынҳәын итҟәаз 106-ҩык урыстәылатәи аибашьцәа, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.

"Мшаԥы 10 рзы Киев анапаҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рымчрақәа рыҿцәажәара ашьҭахь Урыстәылаҟа ирхынҳәын 106-ҩык аруаа, дара рыԥсҭазаарақәа ашәарҭара иҭагылан", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.

Зхы иақәиҭыртәыз атҟәацәа арра-транспорттә авиациа аҳаирпланқәа рыла Москваҟа инагахоит. Аруаа аҽыхәшәтәреи ареабилитациеи иахысуеит, апсихологиатә цхыраара рырҭоит.
Урыстәылеи Украинеи рыбжьара атҟәацәа еимдан хәажәкыра алагамҭазы. Усҟан рхы иақәиҭыртәит 90-ҩык урыстәылатәи аруаа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Донецктәи ахырхарҭаҿы уахыки-ҽнаки рыла украинатәи аибашьцәа 300-ҩык ҭархоуп