Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа агәыԥ "Харьков" адҵаҟаҵаратә ҭыԥ дырхәашеит

Аоператив-тактикатә авиациа, аракетатә ар, артиллериа уахыки-ҽнаки рыла 98 артиллериатә ҟәша ҭадырхеит, 127 раион рҿы – аруааи атехникеи.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 10 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа агәыԥ "Харьков" адҵаҟаҵаратә ҭыԥ дырхәашеит, Харковтәи аобласт аиланхарҭа Велики Бурлук аҿы ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

Аусбарҭа адыррала уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа ирхәашоуп УАМ 102-тәи абригада аракета-артиллериатә џьаԥҳанышьҭаҵарҭа, УАМ амеханизациа зызуу 72-тәи аҵакырахьчаратә бригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, аракетатә жәылара азуп украинатәи атехниказы 70 000 тонна абылтәыҵәахырҭа.

Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит асистемақәам HIMARSи "Смерчи" рыхгәыцәқәа жәба, аоператив-тактикатә ракета "Гром-2", икарыжьит аԥырҩы дызҭам 14 украинатә хархәага.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ арҟәшақәа Ольшаны, Ивановка, Тимковка, Крахмальное рҿы (Харковтәи аобласт), Стельмаховка (ЛЖәР), арҭ аҭыԥқәа рҿы иаԥдырҟәҟәааит украинатәи адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа. Ари ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ 35-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, автомашьынақәа ҩба.
Красно-Лимантәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп 55-ҩык украинатәи аруаа, ааха рыҭоуп: акәылӡмашьына, автомашьына, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубица Д-20, Донецктәи ахырхарҭаҿы – УАМ 250 солдаҭ, танкк, х-кәылӡмашьынак, автомашьынақәа жәба, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубицақәа "Мста-Б", Д-20.
Алада-Донецктәии Запорожиатәии ахырхарҭақәа рҿы иаԥырҟәҟәаауп адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба русура Павловкеи Воданое рҿы. Уа Киев иацәыӡит 20-ҩык асолдаҭцәа, акәылӡмашьына, артиллериатә шьақәгыла "Гвоздика", агаубицақәа Д-20, Д-30, Херсонтәи ахырхарҭаҿы - 60 боиуонқәа, х-кәылӡмашьынак, 8 автомашьынак, артиллериатә шьақәгылақәа "Акациа", Гвоздика, апушка "Гиацинт-Б".
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
370-ҩык украинатәи асолдаҭцәа ҭархоуп донецктәи ахырхарҭаҿы