АҞӘА, мшаԥы 11- Sputnik. Гал араион аҿы аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, ауааԥсыра Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа ахрылагалара рҭахӡам ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
"Аҭагылазаашьа маншәалоуп, иҭышәынтәалоуп. Араион ауааԥсыра Қарҭ имҩаԥысуа ахҭысқәа ахрылагалара рҭахӡам, дасу иус даҿуп. Амаҵзура ҷыдақәа аԥкрақәа гәҽанҵара ҳасабла иаларгалеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥлиа иҳәеит уаанӡа аҭыԥ шрымаз ахҭысқәа, Гал араион аҟынтәи Қырҭтәыла аҵара зҵо астудентцәа амитингқәа рылахәхара анрыдырцалоз.
Аамҭала аҳәынҭқарратә ҳәаа аркра араион ауааԥсыра еилкаарыла ирыдыркылеит ҳәа иҳәеит Константин Ԥлиа.
Иара убасгьы иҳәеит Аԥсны Гал адагьы иара Қырҭтәыла зегьы аҟны аҭагылазаашьа ишашьклаԥшуа.
"Аԥсны амчрақәа Гал араион адагьы иара Қырҭтәыла зегьы аҟны аҭагылазаашьа, ар ма ауааԥсыра рхымҩаԥгашьа иашьклаԥшуеит. Амаҵзура ҷыдақәа рус иаҿуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Мшаԥы 7-10 рзы Аԥсны аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ахысразы аԥкрақәа алагалан, Қырҭтәыла ауаажәларра–политикатә ҭагылазаашьа инадҳәаланы. Мшаԥы 10 рзы аԥкырақәа аԥыхын.