Арадио

Шьониа: Гал араион аҿы 150 гектар инархыҳәҳәо адгьыл цәаӷәаны ишьҭарҵахьеит

Гал араион ақыҭанхамҩатә усқәа рышҽазыҟарҵо атәы, аарыхразы агәаҳәара змоу рацәаҩума, насгьы ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма аус зуа апроектқәа абанӡанагоу, абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион агроном хада Лери Шьониа.
Sputnik
Гал араион аҿы 150 гектар инархыҳәҳәо адгьыл цәаӷәаны ишьҭарҵахьеит, иааидкылан зынӡа 3 000 гектар адгьыл аус адулатәуп ҳәа иҳәеит аиҿцәажәараҿы Шьониа.
"Ауаа аусура иалагахьеит. Амшқәа ҟалар, ианаамҭоу алаҵарахь ииасуеит, заа илазҵогьы маҷҩым. Аџьықәреи, акарпыжә, ашьынка уҳәа адгьыл иқәаарыхуа рацәаҩуп, аха амшқәа макьана ишьақәымгылацт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Шьониа.
Гал араион агроном хада еиҭеиҳәеит, ақыҭанхамҩа аҿиара апроектқәа ртәы, хаҭала арахә ааӡара аферма атәы.
"Ҵыԥх аԥара рзоужьын. Макьана ирымоу 15 хы роуп. Дара зегьы атәыла аҩнуҵҟа иаахәан. Уажәы ихьараны иҟоу ажәқәагь рымоуп. Аџьырмыкьахь раалыҵ нарымгацт, аха аусура иаҿуп ибзианы", - ҳәа иҳәеит Шьониа.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.