Ауаҩы акосмос ахь дыԥриижьҭеи 62 шықәса ҵит. Мшаԥымза 12, 1961 шықәсазы илегендахаз асовет ԥырҩы Иури Гагарин акосмос ахь дыԥрит.
Ари ахҭыс иацыз ашанхара, агәырӷьара атәы арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит уи аамҭазы Москва аҵара зҵоз Аԥсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа.
"Убри амш аҽны ицон аҭоурых иазкыз алекциа. Ус иаалырҟьаны аинститут зегьы иҩнаҩит ашьҭыбжь "Советский человек в космосе!" ҳәа, атәыла рбго рҿаархеит. Ҳарҵаҩы аӡәаӡәала ҳнапқәа ҳамихит, иҳадиныҳәалеит. Азал ду аҿы иҟалеит амитинг. Аҵарауаа, апрофессорцәа, ашәҟәыҩҩцәа рықәгыларқәа мҩаԥган. Ус гәыԥҩык астудентцәа ҳаибарыҩны агазеҭ "Известиа" ахь ҳцеит. Уи иахьагьы Пушкин ибаҟа аҿаԥхьа игылоу хыбра дууп. Убри инакәзаалак авитрина аҟны иҿыцу афотохроника есыҽны икыдырҵон. Ҳаннеи аамҭазы Гагарин ифотосахьа аӡы ахьыҵәҵәаа акнаҳара иаҿын. Уи ахаан исхашҭуам. Усҟан ауп саниҿаԥшы, исахьа, иԥышәырччара ԥшӡа анызбаз. Ҳара алакәқәа, амифологиа ҳдыруан, аха ас еиԥш ахҭыс ҟамлацызт ", - иҳәеит Лашәриа.
Иара иазгәеиҭеит ауаҩы раԥхьаӡа акәны акосмос ахь иԥырра акраамҭа хашҭра зқәымыз хҭысны ишыҟаз, апоетцәа ракәзар, уи акы ахызымҳәааз дыҟам иҳәеит Лашәриа.
Иури Гагарин акосмос ахь иԥырра инадҳәалоу иажәеинраала ацыԥҵәахагьы даԥхьеит аефир аҟны Аԥсны Жәлар рпоет.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.