Арадио

Аб Игнати Аԥшьаша ду азы: ҳаҩнуҵҟатәи дунеи арыцқьара иаамҭаны иԥхьаӡоуп

Sputnik
Амшаԥныҳәа лаша ааиаанӡа хымш шыбжьоу иазгәарҭоит Аԥшьаша ду. Аԥсуа жәлар рҟны ари амш Чхадыл, мамзаргьы Чачхадыл ҳәа иашьҭоуп. Ари амш азы ауҭраҟны инкауԥсо зегьы бзиахоит, иҟалоит рҳәоит. Убасгьы Чачхадыл азы идыргылоит аишәа, ахәшә злырхуа аҵиаақәа ыҵырхуеит. Аԥшьаша ду иацу адинтә ҵакы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Иоанн Ахьҿа ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы Аб Игнати.
Аԥшьаша ду Ицқьоу Аԥшьаша ҳәа иашьҭоуп, уи ҳаҩнуҵҟатәи дунеи арыцқьара иаамҭаны иԥхьаӡоуп ҳәа азгәеиҭеит Аб Игнати аиҿцәажәараҿы.
"Анцәа иахь ахьаҳәра, агәнаҳәарақәа ҳхыхра ираамҭоуп. Ауахәамақәа рҿы иҷыдоу аныҳәарақәа мҩаԥыргоит ашьыжь инаркны. Уи 4-5 сааҭ ицоит. Ари амш аҽны угәҭыхақәа уҳәароуп, угәнаҳақәа ухыухырцаз", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аб Игнати.
Иаҳа инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.