Урыстәыла

Аибгатәи ашьхаҿы аҵарауаа ашьхаҳаршьыл ахк ҿыц рбеит

Ари ашәҭ ахк ҿыц 1850 - 1950 метра иҟоу аҳаракыраҿоуп иахьыҟоу. Иара рбеит Аибгаҟа амҩа ҿыц анымҩаныргоз.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Шәачатәи амилаҭ парк аҵарауаа Аибга ашьха аҩадатәи аган аҳарҭәатә цаҟьарақәа рҿы ииуа ашәҭ ахкы ахҳәаа арҭеит ҳәа аанацҳауеит апарк апресс-маҵзура.
Аҵиаа ашәҭқәа дууп, ижәҩанԥшшәылоуп, хьӡыс иарҭеит "аибгатәи ашьхаҳаршьыл" (Campanula aibgica Timukhin et Tuniyev).
"Ари ашәҭ ахк ҿыц рбеит Аибгаҟа амҩа ҿыц анымҩаныргоз. Уаанӡа ари аганахь ауаа ирымҩасырҭамызт. Аӡиас Мзымҭа армарахьтәи иалало аӡиас Карповка аԥшаҳәа иахчнызоуп арҭ ацаҟьақәа", - ҳәа аҳәоит апарк асаит.
Ашәҭ ахк ҿыц 1850 - 1950 метра иҟоу аҳаракыраҿоуп иахьазҳауа, ацаҟьа абжьара ибжьиаауеит.