Арадио

Амҷԥҳа Германиа инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рзы: амилаҭтә хдырра амырӡра хьаас ирымоуп

Sputnik
Германиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азинмчнагӡа змоу ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа имҩаԥылгеит Германиа ақалақьқәа рҟны инхо ҳдиаспора ахаҭарнакцәа рԥылара. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны излацәажәаз азҵаарақәеи, анаҩстәи адиаспора аимадарақәеи, рҿаԥхьа иқәдыргылаз адҵақәеи ртәы Хьыбла Амҷԥҳа еиҭалҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
"Адиаспореи ҳареи ҳаимадарақәа ҳусура иахәҭакуп, ас еиԥш аиԥыларақәа традициала имҩаԥаагоит, шықәсык ахь хынтә-ԥшьынтә ҳаиқәшәоит аныҳәамшқәа аныҟоу ирықәыршәаны, аусура аҟынтәи иаҳа хҭацәыха анрымоу. Ҳдиаспора аизара дуқәагьы еиҿаҳкаалоит, аха уажәазы Акоординациатә хеилак иалоу мацара ҳакәын еицәажәоз. Уажәшьҭа адиаспора ахԥатәи абиԥара Европа ирызҳауеит. Ассимилиациа азҵаара ӷәӷәоуп, уи даараӡа ирацәаны ауадаҩрақәа цәырнагоит. Уахьынхо атәылаҟны аинтеграциа ыҟазароуп, аха ухаҭарагьы умырӡроуп. Иумырӡроуп умилаҭ, убызшәа, зегь раԥхьа игылоуп ахдырра. Убри аҟынтәи адиаспора ахаҭарнакцәа ари хьаас ирымоуп. "Ҳаиҳабацәа раасҭа ҳара ҳаԥсыҽуп ҳәа ҳаԥхьаӡоит, аха иҳашьҭааиуа ахәыҷқәа шԥаҟало?". Абри азҵаара хьаас ирымоуп, еснагь еибаҳҳәо ауп. Ҳрылацәажәеит ари ашықәс азы гәҭакқәас иҳамоу, иҟаҳҵарц иҳалшо. Дара еснагь ирҭахуп Аԥснынтә ишиашоу аинформациа", - лҳәеит Амҷԥҳа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.