Аԥсны

Идунеи иԥсахит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Филипп Артиух

Аџьынџьтәылатәи аибашьра Ду аорден занашьаз Филипп Артиух иԥсҭазаара далҵит 99 шықәса шихыҵуаз.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 13 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Филипп Артиух шәышықәса дышрықәыз идунеи иԥсахит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аветеран имаҭа Владимир Недосеикин.

"Иара чмазарак ихьуа ҳәа дыҟамызт, аха ашықәс иара атәы ҟанаҵоит. Аҵыхәтәантәи хымз раахыс игхо далагеит. Мышқәак раԥхьа ихы ҽеимкәа ибо дҟалеит, аҳақьымцәа ааит, аха ихәоз ҳәа акагь ҟамлеит. Иацы ауха асааҭ 10 рзеиԥш идунеи иԥсахит", - иҳәеит Недосеикин.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аналагаз Филипп Артиух 17 шықәса ихыҵуан. Усҟан иара Краснодар атәылаҿацә Изомаевскаиа астаницаҿы дынхон. Арԥыс қәыԥш аԥсадгьыл ахьчараз афронтахь дцеит, ддәықәарҵеит Ҟабарда-Балкариаҟа.
Владикавказ ааигәара аидыслараан Филипп Артиух ишьапы рхәит. Ихәрақәа анӷьа, Амшынеиқәатәи аихамҩа аргылараз Аԥсныҟа даауеит, анаҩс иарӷьажәҩа Аҟәа диԥшааит, нхара дагьаангылеит.
Аветеран Филипп Артиух Владикавказ ааигәара ахәра иоуит