Аԥсны

Ҭемыр Џьынџьал "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабыс дарҭеит

Ҭемыр Џьынџьал афыцамч аусхк аҟны аус ауеит 1996 шықәса раахыс, 2007 шықәса инаркны иара Аҟәатәи афымцаргыларақәа русбарҭа дахагылан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 14 - Sputnik. Ҭемыр Џьынџьал "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабыс дарҭеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аекономика аминистрра апресс-маҵзура.
Аусбарҭа жәабран 2 2023 шықәса раахыс напхгара азҭоз Рамин Зингишвили имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.

Аминистрра адырра шыҟанаҵо ала, Зингишвили изныкымкәа уи азы аҳәара ҟаиҵахьан, ари аӡбамҭа зрыдыркылаз аӡхыҽҽатә гидрофымцастанциа №2 қьырала арыҭара иадҳәалоу азҵаара азы акәӡам.

Аԥсны афымцамч ахьазымхо азы аӡхыҽҽатә станциақәа №1, №2, №3 реиҭашьақәыргылара зынагӡара хымԥада иаҭаху усуп ҳәа ануп Аекономика аминистрра аҳәамҭаҿы.
Иара убас имҩаԥысуеит астанциа қьырала арыҭара иазку аиқәшаҳаҭра аус адулара, уи ианылоит аҳәынҭқарра ахатәтәраҿы ишаанхо ази, иара убас Аԥсны уи аус арурази афымцамчсистемазы афымцамч ахәҭак аушьҭрази аԥҟарақәа.