Аԥсны

Амцаԥшьа аҟәырҷаха Аԥсныҟа иааргоит

Иерусалим Ҳаиҳа зымчу иныхабаа аҟны Амцаԥшьа шьҭыҵит. Иерусалимтәи Апатриарх Феофил III Кувуклии дыҩныҵит, уи уаҟа амцаԥшьа шьҭыҵразы анцәаимҵаныҳәара мҩаԥигон. Аныхабаа иҩнагылаз зегьы амцаԥшьа аҟәырҷаха рызшан.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Амцаԥшьа аҟәырҷаха Аԥсныҟа иааргоит иахьа, ахәылбыҽха. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аиҳабы Аб Бассариан (Аԥлиа).
Аб Бассариан иажәақәа рыла, амцаԥшьа аҟәырҷаха анцәаимҵаныҳәара иалагаанӡа Аԥсныҟа аагара иахьӡоит.
Аҟәатәи Акафедралтә уахәамаҿы анцәаимҵаныҳәара иалагоит 23:30 сааҭ рзы.