Араион ахаҿра арԥшӡареи арыцқьарақәеи рзы аусурақәа цоит, уи алагьы аԥсшьаҩцәа аднаԥхьалап ҳәа ҳгәы иаанагоит, ҳәа азгәеиҭеит Габелаиа аиҿцәажәараҿы.
"Сынтәа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҳахап ҳәа ҳгәыӷуеит, ицоит аԥсшьарҭатә ҩны аргылара, уигьы иаднаԥхьалап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшахоит аԥхын алагамҭаз, иҟаҵоу рацәоуп, уахгьы-ҽынгьы аус руеит. 500-ҩык рыдыркылартә еиԥш иҟалоит. Иааидкыланы иахьа араион аҿы иаҳдыруа 1500-ҩык рҟынӡа рҭыԥ ыҟоуп, ахатәҩнқәа рҿы рыԥхьаӡара уадаҩуп, аха уахьгьы иаангыло маҷҩым. Зыгьынџьыра аобектқәа рҿы иааџьаушьартә аԥсшьаҩцәа ыҟан ҵыԥх. Уи убарҭан ақалақь аҩнуҵҟагьы. Аҭынчра зҭаху реиҳараҩык арахь рхы дырхоит", - азгәеиҭеит Габелаиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.