Аԥсны

14 нызқь инеиҳаны аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵ Гәдоуҭатәи адәқьанқәа рҟны ирымхын

Аԥсны Аҳазалхратә еилакы аконтрабандеи аҳазатә зинеилагарақәеи рҿагыларазы аусбарҭа аусзуҩцәа Гәдоуҭа адәқьанқәа рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргеит.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 15 - Sputnik. Акцизтә маркақәа рықәӡамкәа иҟаз 14 нызқь инеиҳаны аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵ Гәдоуҭатәи адәқьанқәа рҟны ирымхын ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы.

Аконтрабанда ахәҭак - 2120 цыра диути-фри аҟны иаахәан.

Административтә зинеилагаразы аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аусҭҵааратәии аусеилыргаратәии ҟәшахьы инашьҭуп.