Ажурналистика аусхкы аҿы ллагалеи шықәсырацәала инеиԥынкыланы ламысцқьала лзанааҭтә уалԥшьа анагӡареи рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра аҟынтәи ИТАР-ТАСС акорреспондент Анжела Қәычбериаԥҳа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ланашьоуп. Уи азы аусԥҟа мшаԥымза 7 рзы инапы аҵеиҩит Аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа.
Анжела Қәычбериаԥҳа 30 шықәса иназынаԥшуа журналистс аус луеит, урҭ рахьынтә аҳәынҭқарратә аинформациатә маҵзура "Аԥсныпресс" аҟны 20 шықәса.
"Аусура сазымхәыцуа ҳәа аҭагылазаашьа ыҟаӡам, аԥсшьара ҩымчыбжьа ианызгогьы, уигьы аԥсшьара ҳәа ахьӡ мацароуп иҟоу, средакциаҟынтәи ианаарҭаххо уск сыдмырур ауам, избанзар сара аӡәк соуп Аԥснынтә ТАСС аҟны аус зуа", - лҳәеит Анжела Қәычбериаԥҳа.
Лара иазгәалҭеит лцәажәараҟны унапы злаку азанааҭ бзиа ибаны гәыкала уаназнеиуа, ишуцааиуа, ажурналист еснагь дрызҿлымҳазар шакәу иааикәыршаны имҩаԥысуа ахҭысқәа.
Аицәажәара инеиҵыхны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.