Аԥсны

Пицундаҟа ахаҵәирҭаҿы аԥсыҭбара зцыз амҩатә машәыр ҟалеит

Уаҳа ааха аӡәы иоуит ҳәа аофициалтә дыррак ыҟаӡам.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 16 - Sputnik. Амҽыша, мшаԥы 16 шьыбжьон Пицундаҟа уахьхаҵәиуа амҩатә машәыр ҟалеит, ауаҩы дҭахеит.
Амашәыр зыла иабаз ражәақәа рыла, амашьынарныҟәцаҩ амҩа иаԥныз адәқьан дасит.
Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы Sputnik ишазеиҭарҳәаз ала, арԥыс иҭагылазаашьа бааԥсны днаргеит. Уи дырзеиқәдмырхеит.