Гәыԥ ақыҭа анхаҩы Демиан Гогәуа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп" аҿы иҳәеит игәаанагара, аԥсуа қыҭа аҿиара аус шибо атәы, ахныҟәгаразы аҭагылазаашьа аҽшеиҭанакыз, анхаҩцәа рус аҿы ирԥыло ауадаҩрақәа ртәы еиҭеиҳәеит.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши, иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.