АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥсны АҶА аусзуҩцәеи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә гәыԥи ҩыџьа Аԥсны атәылауаа Очамчыра араион аӡымҽхак аҟны еиқәдырхеит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА апресс-маҵзура.
АҶА аҳәаахьчаратә гәыԥ аусзуцәа рахь адырра ҟарҵеит амшынҵакыра ахьчаҩцәа.
Аԥшаарақәа ирлыҵшәаны ҩыџьа Аԥсны атәылауаа асерфингтә ӷәы ишақәгылаз аӡымҩас иагоз еиқәдырхеит.