Урыстәыла

Шереметьево алмастә контрабанда ааныркылеит

Аҳәаанырцә атәылауаҩ Урыстәыла иалигарц иҽазишәеит ажәла бзиақәа иреиуоу ахаҳәқәа алмас, ахаҳәиаҵәа, арубин, аизумруд.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Урыстәыла АШәМ аусзуҩцәа москватәи аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" дааныркылеит, зыкапан ԥшьнызқь карат иҟаз ахаҳә жәла бзиақәа изакәанымкәан ииазгоз, абри атәы ааанацҳауеит Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура.

"Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчара агәаҭаратә аотриад аусзуҩцәа жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза "Шереметьево" дааныркылеит, ажәла бзиақәа иреиуоу ахаҳәқәа аҳәынҭқарратә ҳәаа ахыгара зҽазызшәаз", - ҳәа аҳәоит арелиз аҟны.

Аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ихатәы маҭәақәа рҿы ирԥшааз ажәла бзиақәа иреиуоу ахаҳәқәа алмас, ахаҳәиаҵәа, арубин, аизумруд рыхә ршьеит ф-миллионмааҭ инареиҳаны.
Аконтрабандаз ашьаусҭҵаара хацыркуп.
Аԥсны
14 нызқь инеиҳаны аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵ Гәдоуҭатәи адәқьанқәа рҟны ирымхын