Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысран иҟоуп ацҳаражәҳәарҭаҿы, Шьамтәыла иҟоу егьырҭ ацҳаражәҳәарҭақәа рхаҭарнакцәеи ҳареи, ҳәа адырра ҟаиҵеит Хәытаба.
"Раԥхьа инаргыланы ҳалацәажәоит Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аус. Арабтәылақәа акымкәа ҩбамкәа ҳареи ҳаибадыруеижьҭеи акрааҵуеит. Сара агәраганы сыҟоуп ҳаԥсадгьыл азы ҳазҿу аусмҩаԥгатәқәа рылҵшәа ҟалап ҳәа", - азгәеиҭеит Хәытаба.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.