Урыстәыла

Урыстәыла Абанк ацифратә мааҭ ахархәарагәаҭара иазыхиоуп

Ацифратә мааҭ - криптовалиутаӡам, ахьывалиутатә ҭаҵәах ала еиқәыршәоуп, иҭзыжьуагьы Урыстәыла Абанк заҵәык ауп.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Урыстәыла Абанк ацифратә мааҭ ахархәарагәаҭара иазыхиоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Абанк хада аиҳабы Ельвира Набиуллина, Аҳәынҭдумаҿ УААП афракциа аҿаԥхьа лықәгылара шьаҭас иганы.
"Ҳара ацифратә мааҭ ахархәарагәаҭара ҳазыхиоуп. Аԥарақәа аоперациақәа рыдҟаҳҵалахьеит, аха макьана хыԥхьаӡара маҷла. Анаҩс ацифратә мааҭ зегьы ахархәаразы ирыдаагалартә иҟалоит", - лҳәеит лара.
Ацифратә мааҭ – цифратә валиутоуп, иҭзыжьуа Урыстәыла Абанк заҵәык ауп. Иара иамоуп аԥыжәарақәа – ахатәхаҿқәеи аиурист хаҿқәеи ццакрылеи шәарҭадареи аԥарашәара мҩаԥыргаларц, ашәарақәа ахықәкытә ҟазшьа рыҭахаларц, асмарт-еилаӡарақәа ахархәара роуларц.
Аҳәынҭқарра абиуџьеттә ԥарақәа рныхра еиӷьны ахылаԥшразы алшара аиуеит, аха убри аан атәылауаа рԥарақәа рхылаԥшра алшаӡом, аԥараҭрақәеи аԥарашәарақәеи абанк амаӡа адыррақәа иахьыруаку азы.
Урыстәыла
Урыстәыла ахсаалага "МИР" альтернатива аԥырҵоит