Урыстәыла

Урыстәыла ахсаалага "МИР" альтернатива аԥырҵоит

Урыстәыла Абанк егьырҭ атәылақәа аус рыцауеит урыстәылаа аҳәаанырцә раахәамҭақәа альтернатива ҳасабла рыхә рхыршәааларц.
Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Урыстәыла Абанк, Ҭырқәтәыла назлоу, егьырҭ атәылақәа аус рыцауеит урыстәылаа аҳәаанырцә раахәамҭақәа альтернатива ҳасабла рыхә рхыршәааларц ҳәа аанацҳауеит аекономикатә информациа амаҵзура "Прайм" Абанк Хада аиҳабы Ельвира Набиуллина лажәақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Набиуллина лажәақәа рыла, Урыстәыла активла аԥарашәаратә система аҿиара анаҭон, егьырҭ атәылақәа рҿы ахсаалагақәа "МИР" ахархәара арҭартә ишьақәдыргылеит, аха асанкциақәа аԥырхага ӷәӷәа ҟарҵеит.

"Убри азы ҳареи арҭ атәылақәеи аус еицаауеит, ахсаалага "МИР" адагьы егьырҭ алшарақәа роурц", - лҳәеит Урыстәыла Абанк аиҳабы.
Набиуллина илҳәеит, аԥарашәаратә системақәа рыбжьара "ашлиуз-система" ашьақәыргылара аус шадыруыло.
"Инеибеиԥшны захьынџьара ари асистема аус ауӡом, аха ҳус наҳагӡалоит. Ҳара ҳамацара ҳадагьы ҳпартниорцәагьы алахәзароуп. Уажәы Ҭырқәтәылеи ҳареи абри аганахь ала активла аус еицаауеит", - лҳәеит лара.