АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥсны Апарламент аҵыхәтәантәи аԥхьарала "Аӡыргараз" азакәан аԥсахрақәа аланагалеит.
Аԥсахрақәа инарықәыршәаны аҭаҭынаалыҵи аникотин злоу егьырҭ аалыҵқәеи, аҭаҭынахаратә хархәагақәеи (аҭаҭыныжәгақәа, асигареттә қьаад, аихымцақәа, акалианқәа) рӡыргара ҟалом.
Уи адагьы аԥсахрақәа ишьақәдырӷәӷәоит:
адәныҟатә ӡыргара акыдҵараҟны аҭахрацҵақәа,
аӡыргаратә конструкциақәа рықәыргылареи рхархәареи рзы аҭахрацҵақәа,
аӡыргаратә конструкциақәа ауаажәларратә шәарҭара ахьрымо аҭыԥ аҿы рықәыргылара азинҟамҵара.
Азакәан аӡыргаратә конструкциақәа рықәгара аҭагылазаашьақәеи аԥҟарақәеи ҳәаақәнаҵоит.
Адокумент амчра аиуеит ажьырныҳәа 1, 2024 шықәса инаркны.