"Заур Мықәба 70-тәи ашықәсқәа рзы ишьақәгылаз асахьаҭыхыҩцәа дреиуоуп. Ицәыргақәҵақәа ретроспективак аҳасабала иҟоуп. Иаатит ҩ-залк: аду аҟны иҟоуп аҿыханҵа, аетнографиа, афольклор, аԥсуа ҵасқәа, аԥсабара аҩычара уҳәа атемала. Азал маҷ аҿы иӡыргоуп играфика. Иҟоуп иавтортә техникала иаԥҵоу аусумҭақәа реизга", - еиҭалҳәеит Арсалиаԥҳа.
Аҟәатәи Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы дырзааҭгылеит аԥхын иазгәаҭоу апроектқәа ртәы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.