АҞӘА, мшаԥы 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Асахьаҭыхыҩ Заур Мықәба ицәыргақәҵа аадыртит Аҟәа, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Рцәыргақәҵатә зал хадаҿы мшаԥы 19 азы.
"Агәахәара ҳаманы ҳашәԥылоит аамҭақәак рышьҭахь ираԥхьатәиу ҳцәыргақәҵахь. Заур Мықәба хаҭалатә ицәыргақәҵа – асахьаҭыхыҩ еиуеиԥшым аамҭақәа рызтәи иҟазара ӡырнагоит. Азал аҿы икнаҳауп иҟазара иахырхарҭа хаданы иҟоу аусумҭақәа: "Аныхаԥааҩ", "Аура аҭагалара", "Аԥсны адгьыл", "Анцәаимҵаныҳәара", - лҳәеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа ацәыргақәҵа аартуа.
Азал маҷ аҿы иӡыргоуп аграфикатә усумҭақәа. Дара реиҳарак амҳаџьырра атема иазкуп.
"Иара убри аан ҳара иаабоит автортә техникала еиҿкаау аграфикатә усумҭақәа. Ари интересуп. Еицырдыруа асахьаҭыхыҩ аекспериментқәа иҽрыцәхьеикуам, иҿыцны ихы ааирԥшуеит", - азгәалҭоит Арсалиаԥҳа.
Заур Мықәба ирҿиамаҭқәа ыҟоуп Аҳәынҭқарратә милаҭтә галереиаҿы, ЕАА, Германиа, Шьамтәыла, Швециа, Ҭырқәтәыла, Финлиандиа, Естониа уҳәа атәылақәа рҟны ахатәы коллекциақәа рҿы.