Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Ахьӡ-Аԥша" аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны Жәлар Реизара аԥшьбатәи ааԥхьара депутатс иҟаз Сенер Гогәуа иԥсыжра аиҿкааразы иаԥҵоуп акомиссиа. Иара анышә дамадахоит ахәашаҽны, уи аҽны иҭоубыҭ ықәыргылахоит Аҟәа, арҵаҩцәа рыҩнаҿы.
Сенер Гогәуа иашьак иаҳасабала иизыҟаз ауаажәларратә усзуҩы Октаи Ҷкотуа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит, иара аусураҿы, аполитикаҿы, аибашьраҿы, аԥсуараҿгьы зегь рыла дҿырԥшыган дшыҟаз.
"Сенер диашьа гәакьан сара сзы… Раԥхьаӡа Аԥсны ҳшьаҿа аныҟаҳҵа нахыс ҳаицын, аныки-абыки ҳархылымҵит акәымзар, аиашьцәа реиԥш ҳаҟан. Ацәгьа-абзиа еицаҳхаҳгеит. 14 шықәса ихыҵуан раԥхьа Аԥсны данаауаз ауниверситет дҭаларцаз. Аибашьра ианалагаз Ҭырқәтәыла ҳаҟан, аха усҟангьы схәыҷуп ҳәа даанымгылаӡеит. Раԥхьатәи агәыԥ дацааит. Иаб рыцҳа хьымӡӷы иимыргеит. Аԥсыуак ишихәҭаз еиԥш ихы мҩаԥигеит. Аибашьра ашьҭахь ихала ишьапы дықәгылеит. Усҟан ҳгәаҟра, ҳамамзаара еицеиҩаҳшон акәымзар, ҳажәлар рҭагылазаашьа акәын ҳаргьы иаҳҭагылазаашьаз. Аха, инацәхыԥқәа рыла анышә жны ишьапы дықәгылеит. Ихы дшахәазгьы, икәша-мыкәша иҟазгьы зегьы дрыхәон, аҵыхәтәаны иуаажәлар дрыхәо аҟынӡа ихы неигеит", - иҳәеит Ҷкотуа аиҿцәажәараҿы.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.