Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Атәылахьчара аминистрра: еидҵоу украинатәи ар ргәыԥ "Бахмут" аштаб ааха аҭоуп

Sputnik
АҞӘА, мшаԥы 20 - Sputnik. Урыстәылатәи аруаа еидҵоу украинатәи ар ргәыԥ "Бахмут" аштаб ааха арҭеит ҳәа аанацҳаит Атәылахьчара аминистрра аԥшьаша.
"Аиланхарҭа Константиновка аҟны еидҵоу украинатәи ар ргәыԥ "Бахмут" аштаб ааха аҭоуп", - ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа.
Аиланхарҭақәа Терни Тоненькоеи (ДЖәР) рҟны " аҵакырахьчаратә 116-тәи абригадеи 25-тәи аҳауа-десанттә бригадеи ркомандаҟаҵара-ԥыԥшратә пунктқәа хԥа ықәыцҟьаауп".
Иааидкыланы уахыки-ҽнаки рыла урыстәылатәи аруаа 86 украинатәи артиллериатә ҟәша ааха рырҭеит, 127 раион рҿы иҭадырхеит аруааи атехникеи.